04.12.2019 15:20
137
03.12.2019 15:14
133
02.12.2019 18:13
131
02.12.2019 17:23
131
02.12.2019 16:43
135
02.12.2019 15:50
136
29.11.2019 14:51
131
29.11.2019 12:11
133
28.11.2019 14:23
288
28.11.2019 11:14
268
27.11.2019 20:04
272
27.11.2019 17:03
262
27.11.2019 15:28
196
27.11.2019 11:44
198
27.11.2019 11:19
204
25.11.2019 17:17
196
Популярное
04.12.2019
143
02.12.2019
138
04.12.2019
137
02.12.2019
136
03.12.2019
133
03.12.2019
131
Аҭааәареи, абзиабареи, гәыкҧсыкала азыҟазаареи Рымшныҳәа азгәарҭеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы
77
08.07.2019 17:35

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы 25-шықәса инареиҳаны еицынхо аҭаацәара ҳаҭырла ирыдыркылон.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 8. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Аҭаацәареи, абзиабареи, гәыкҧсыкала азыҟазаареи Рымшныҳәа аҽны Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы 25-шықәса инареиҳаны еицынхо аҭаацәара ҳаҭырла ирыдыркылон.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, еизаз ари аныҳәа аҭоурых, Муромтәи адгьылқәа рҿы аиашахаҵара ныҟәызгоз Пиотри Февронии анықәынхоз ижәытәӡатәиу Урыстәыла алегандартә епоха аҟынтәи ишаауа иргәалаиршәеит. “Ауаатәыҩса реилазаара аҿиара еиҧшу амодель ала имҩаҧысуеит. Ҳара ҳзыхшаз, ҳаҧсҭазаара змаҳдаз, ҳхәыҷқәа, зегьы ҳаҧсҭазаара ҵакыла ихадырҭәаауеит. Аҭаацәа – ари абзиабара, аизыҟазаашьа, аҳаҭырқәҵара иахыҵхырҭоуп, иароуп ауаҩы емоциалеи доуҳалеи дгәылҭәааны дҟазҵо, иароуп дуаҩызтәуа, дшьақәзыргыло. Ахәышҭаара аҧхарра, иузааигәоу гәцаракрыла рызнеира ауп ауаажәларра имҩашьо ахәдуқәас иҟоу. Иахьагьы гәахәара дула иҳадаҳкылоит араҟа, абри азал аҿы “Абзиабареи гәыкҧсыкала азыҟазаареи” рзы амедалқәа занаҳшьараны ҳаҟоу аҭаацәара рбара. Шәара ҳара ҳзы хра злоу ҿырҧшыгақәоуп!” – ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха убасгьы еизаз зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит: “Араҟа еизаз аҭаацәара 25-шықәса раҧхьа рыҧсҭазаара еиларҵеит. Убри аан урҭ реимадара ҕәгәа, гәыкала реизыҟазаара, рхәыҷқәа ауаажәларра алахәыла иашақәа раҳасабала рааӡара, уҳәа рыла Ареспублика аҿы еицырдыруеит. Уи зегьы ҳҳәынҭқарра аҿы ишьақәгылаз атрадициақәа еихарҳауеит. Убри аганахьала, аҭаацәара Ареспублика асоциал-економикатә, аполитикатә ҿиара иахыҵхырҭаны иҟоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп”.
Ахәҭакахьала, иалкаахаз иреиуоу Хәыхәыҭ Шамба аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа Урыстәыла Ацҳаражәҳәарреи Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакреи рҟынтәи иоуз аџьшьаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит: “Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы аҭаацәарақәа рыла ишьақәгылоуп. Аҭаацәарақәа зегьы ирзеиҕьасшьарц сҭахуп зегьы раҧхьаӡа иргыланы агәабзиара, аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара, аизҳазыҕьара, насыҧ змоу аҵеира”.
Аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы “Абзиабареи гәыкҧсыкала азыҟазаареи” рзы амедал ранашьахеит:
– Аҩӡба Владимир Џьамал-иҧеи Иаковлева Лилиана Михаил-иҧҳаи;
– Родин Валентин Пиотр-иҧеи Родионова Инесса Григори-иҧҳаи;
– Шамба Хәыхәыҭ Арсенти-иҧеи Бганба Кама Михаил-иҧҳаи;
– Анқәаб Заур Николаи-иҧеи Герзмаа Наталиа Виктор-иҧҳаи;
– Трапизониан Галуст Парнак-иҧеи Маркариан Татиана Тигрануии.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.