09.12.2019 12:03
111
06.12.2019 17:04
91
05.12.2019 16:34
109
05.12.2019 15:37
91
04.12.2019 15:20
209
03.12.2019 15:14
209
02.12.2019 18:13
209
02.12.2019 17:23
205
02.12.2019 16:43
205
02.12.2019 15:50
208
29.11.2019 14:51
205
29.11.2019 12:11
157
28.11.2019 14:23
308
28.11.2019 11:14
282
27.11.2019 20:04
288
Популярное
04.12.2019
217
04.12.2019
209
09.12.2019
111
06.12.2019
91
Аҧсны астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилаки, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә статистиказы Амаҵзуреи аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит
307
19.11.2019 12:16

Уи азы аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаҧысит Москва ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 19. Аҧсныпресс. Москва ақалақь аҿы “Астатистика азы аҧхьаӡаратә ҧкаанҵа, аоперативра, ахаҭабзиара, алабҿабара” атема ала Жәларбжьаратәи аконференциа мҩаҧысит. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит астатистика азы Аҧсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәа. Аделегациа напхгара алҭон Аилак ахантәаҩы Камма Гогиа. Абри азы адырра ҳауит Аҧсны астатистиказы аҳәынҭқарратә Еилакы аинформациатә ҟәша аҿы.
Иарбоу аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Кама Гогиеи, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә статистиказы Амаҵзура (Росстат) ахада Павел Малкови аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, знапаҵаҩра мҩаҧысыз аусшәҟәы Аҧсны астатистиказы аҳәынҭқарратә Еилакы астатистикатә информациа аизгареи аус адулареи рзы ҳаамҭазтәи аметодқәа шьаҿа – шьаҿала аусура алагалара азы алшара анаҭоит, иара убас, астатистикатә ҳасабырбара, аметодологиа, ахылаҧшырҭа аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы азакәанҧҵаратәии анормативтәи ашәҟәынҵақәа рыла аинформациатә еиқәыршәара анагӡара арманшәалоит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.