04.12.2019 15:20
96
03.12.2019 15:14
92
02.12.2019 18:13
94
02.12.2019 17:23
92
02.12.2019 16:43
98
02.12.2019 15:50
93
29.11.2019 14:51
92
29.11.2019 12:11
96
28.11.2019 14:23
256
28.11.2019 11:14
238
27.11.2019 20:04
242
27.11.2019 17:03
232
27.11.2019 15:28
192
27.11.2019 11:44
194
27.11.2019 11:19
200
25.11.2019 17:17
190
Популярное
04.12.2019
100
04.12.2019
96
02.12.2019
94
02.12.2019
93
Адгәыр Какоба – Валери Делба ихьӡ зху атурнир ахраҿа ианашьахеит
87
16.07.2019 12:12

Раҧхьаӡа акәны атурнир аҿы ирхәмарын ииасуа ахраҿа.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 16. Аҧсныпресс. Дырмит Бсариа. Каман ақыҭан, Аҧсны Афырхаҵа Валери Делба дахьҭахаз аҭыҧ аҿы, афырхаҵа ҳаҭырла игәалашәара инамаданы, ахыци ахәымпали рыла ахысразы атурнир аҩаҧысит. Аусмҩаҧгатә аиҿкаара ахахьы иагеит хыцла ахысыҩцәа рыклуб “Афырхы”.
Атурнир атәы далацәажәо, ахысыҩцәа рыклуб “Афырхы” ахантәаҩы, атурнир алахәыла Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит: “Ари атурнир абар шьҭа ҩышықәса инеиҧынкыланы имҩаҧысуеит. Уи Аҧсны афырхаҵа Валери Делба ихьӡ ахуп, избан акәзар аклуб “Афырхы” алахәылацәа рҕьырак рзы уи дҩыза гәакьан, Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан акыр афырхаҵарақәа аазырҧшхьаз еибашьҩын”.

Адгәыр Какоба иажәақәа рыла, сынтәа раҧхьаӡа акәны атурнир ииасуа ахраҿа ырхәмархоит. Уи атурнир аҿы аиаира зго инапаҿы иаркхоит. Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәычқәа рзы ахысырҭа еиҿкаахоит.
Аклуб “Афырхы” аиҿкааҩцәа иреиуоу, атурнир алахәылаҩ Баҭал Џьопуа аицлабрақәа рыҧҟарақәа дрылацәажәеит: “Атурнир иҷыдоу ҧҟарақәас иамоу, уи алахәылацәа итрадициатәу атехнологиала (ахәымпал азы алабыҵәи акылыҧшырҭеи рыда) иҟаҵоу ахыци ахәымпали рыла мацара ауп ахысразы азин зыҟоу. Убри аан ахысҩы итрадициатәу амилаҭтә шәҵатәы ишәызар ахәҭоуп. Атурнир иара убас рхы аладырхәуеит аҳәсақәагьы. Урҭгьы хыхь иарбаз аҧҟарақәа ирықәныҟәалароуп. Атурнир актәи аетап аихшьаалақәа рыла, зегьы реиҳа акәаталақәа реизгара зылшаз ахысцәа алкаахоит, анаҩс урҭ рхыҧхьаӡараҟынтә иреиҕьхаз аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылоит, аҧхьахәқәа рыла иалкаахоит. Арҭ алахәылацәа атурнир ииасуа ахраҿа азы реицлабра иацырҵоит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.