04.12.2019 15:20
137
03.12.2019 15:14
133
02.12.2019 18:13
131
02.12.2019 17:23
131
02.12.2019 16:43
135
02.12.2019 15:50
136
29.11.2019 14:51
131
29.11.2019 12:11
133
28.11.2019 14:23
288
28.11.2019 11:14
268
27.11.2019 20:04
272
27.11.2019 17:03
262
27.11.2019 15:28
196
27.11.2019 11:44
198
27.11.2019 11:19
204
25.11.2019 17:17
196
Популярное
04.12.2019
143
02.12.2019
138
04.12.2019
137
02.12.2019
136
03.12.2019
133
03.12.2019
131
Адунеизегьтәи аҧсуа-база жәлар Рконгресс Аҧсны ауааҧсыреи, уи иаҭаауа асасцәеи рзы Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿнакаауеит
179
19.07.2019 11:25

Ҧхынгәымза 23 рзы Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа азгәарҭоит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 19. Аҧсныпресс. Ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә бираҟ ҧхынгәымза 23, 1992 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ала ишьақәырҕәҕәан. Абираҟ аескиз автор – асахьаҭыхыҩ Валери Гамгиа.
Аҧсны ауааҧсыреи, уи иаҭаауа асасцәеи рзы Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа инамаданы, Адунеизегьтәи аҧсуа-база жәлар Рконгресс Аҧсны ауааҧсыреи, уи иаҭаауа асасцәеи рзы ҧхынгәымза 23 рзы, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәа аҿы, (С. Багаҧшь ихьӡ зху аплошьад аҿы игылоу Адраматә театр аҿаҧхьа), асааҭ 19:00 рзы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿнакаауеит.
Аныҳәа иаҭаауа асасцәа ҳаамҭазтәи Аҳәынҭқарратә бираҟ аҧҵара аҭоурыхи, уи автори рзы адыррақәа роур алшоит, идырбахоит еиуеиҧшым аамҭақәа рзы иҟаз аҭоурыхтә бираҟқәа (абираҟқәа зегьы рааигәара ишьақәыргылахоит аҭоурыхтә дырранҵа).
Агәазыҳәара змоу зегьы С.Багаҧшь ихьӡ зху амҩаду аҿы аҧшҕәынҵәмцатә ныҟәареи, ҽыла аиасреи рхы аладырхәырц рылшоит. Аныҳәа иалагӡаны аусмҩаҧгатә асасцәа рзы иқәгылараны иҟоуп О. Г. Хунцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструменталтә окестр.
Аклуб SportApsny аволонтиорцәа абираҟ ду кны амшын аҧшаҳәа иқәсны С. Багаҧшь имҩаду аҟынӡа инаӡоит.
Изҭаху зегьы азеиҧш еикәыршаратә кәашара “Аибаркыра” рхы аладырхәырц рылшоит.
Ахәылҧаз зегьы иалагӡаны еизаз ргәалаҟазаара аизырҳаразы ажәлар рашәақәа арҳәахоит. Аныҳәа асасцәа рзы ҷыдала афотозона шьақәыргылахоит.
Аусмҩаҧгатә адгылара арҭоит: Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак, ахәаахәҭратә ҩны “Абан”, Аҳәынҭқарратә Наплакы “Мода-текс”, аклуб SportApsny, амобилтә еимадара Аилазаара “Аҟәафон-GSM”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.