Аҟәа. Рашәарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада 2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа иазкны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит атуристцәа агәахәара рыманы рыԥсы ршьаразы, урҭ ршәарҭадара аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара шаҭаху. «Иақәнагоу аилазаарақәеи аусбарҭақәеи дасу рнапы иану нхарҭәааны инарыгӡалароуп ҳтәыла иаҭаауа атуристцәа даҽазныкгьы аара рҭаххартә еиԥш», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа иазкыз аилацәажәараҟны ажәахә хада ҟазҵаз атуризм аминистр Ҭемраз Хышба иҳәеит 2019 шықәса раахыс атуристцәа рнырхара иазку аобиектқәа рхыԥхьаӡара 60% рыла ишазҳаз, рыԥхьарҭа ҭыԥқәа – 44% рыла.
«Ҳазҭагылоу аамҭазы ареспубликаҟны 683 нхарҭатә обиект ыҟоуп, урҭ 36 591 ԥхьарҭа ҭыԥ рымоуп» - иҳәеит Хышба. Ҵыԥх, уи иажәақәа рыла, урыстәылаа рзы Аԥсны Ҭырқәтәыла анаҩс аҳәаанырцә еиҳа изҭаауаз хырхарҭан, усҟан ареспублика иаҭааит 1,5 млн-ҩык атуристцәа. Ари аҩыза ҟамлацызт 1992 шықәса раахыс.
Атуризм аминистр мап ацәимкит адунеитә економика аҵыхәтәантәи ахҭысқәа инарымаданы сынтәа аԥхынтәи аԥсшьара ахә бжьаратәла 30% ишазҳауа.
Аслан Бжьаниа дазҵааит 2021 шықәсазы атуристтә усхк иазоужьыз аинвестициа амҽхак, иара убас шаҟа нхарҭатә обиекти усурҭа ҭыԥи еиҿкаау аԥхынразы 2022 шықәсазы. Аслан Бжьаниа Атуризм аминистрреи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи рнапы ианиҵеит аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара, атуристцәа здызкыло, нхарҭала еиқәзыршәо ҿыц иргылоу асасааирҭақәеи агәабзиарчаԥарҭақәеи рзы адырра ирҭарц.
Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит ари аус аргыларақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҟны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа адрыԥхьаларц. Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада изықәнагоу аусбарҭақәа рыхшыҩ азишьҭит еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра, ҷыдала, афатәтәи азинхьчаратәи шәарҭадара аусхкқәа рыҟны.