Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи, Аҟәа ақалақьи егьырҭ аинспекциақәеи иаҳхысыз ашықәс 12 мзы ирылагӡаны инанагӡаз аусура алҵшәақәа реихшьаала инақәыршәаны, Аԥсны абиуџьет иалагалоуп 3 394,5 млн. мааҭ ашәахтәқәа, уи аан аплан ишьақәнаргылон 2 958,8 млн. мааҭ. Аплан нагӡоуп 115% рыла. Аԥаратә рбагақәа рыла аплан иарбаз аасҭа 435,7 млн. мааҭ рыла еиҳаны иалагалан. 2020-тәи ашықәс ԥхынҷкәынмзазы иалагалаз ашәахтәқәа ирҿырԥшны, алагалара адинамика 136% инаӡоит, ԥаратә рбагала уи ишьақәнаргылоит 890,4 млн. мааҭ.