Print this page
20.Жәабран.2024

Ауаажәларратә Палата аҳәаанырцәтәи агент ихықәкы назыгӡо рзы азакәан апроект азы алацәажәара мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәеи злахәыз аиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауаажәларратә Палата апресс-маҵзура.

Аиԥылараҟны «Икоммерциатәым аиҿкаарақәеи аҳәаанырцәтәи агент ихықәкы назыгӡо хазхаҭалатәи ахаҿқәеи» ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект алацәажәара  зҵаара хадас иқәгылан.

Аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа  аҭаны имҩаԥысит, уи алахәылацәа азакәан иахьыԥшны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Зыӡбахә ҳәоу азакәан апроект ахықәки, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа афундаменталтә нормақәеи инарықәыршәаны, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

Аиԥылара иара убас иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ахаҭарнакцәа.

Уи аԥхьа, жәабранмза 8, 9 рзы аинтеллигенциеи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аиԥш-зеиԥшу аиԥыларақәа мҩаԥысхьан.  

Аиԥыларақәа зегьы амассатә информациа ахархәагақәа алмырхәӡакәа имҩаԥысуан.


Read 327 times - Аҩаша, 20 Жәабран 2024 22:54