Print this page
22.Жәабран.2024

Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 13,5 нызықь пачка урыстәылатәи акцизатә дыргақәа змамыз аҭаҭын зҭаз Аԥсныҟа иаауаз афура ааныркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа ицоз аидарамҩангага машьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз асигарет пата ду рыԥшааит. 

Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа иаиуз аоперативтә информациа ала аҳазалхыҩцәа афура MAN TGA амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс (МИДК) ахь идәықәырҵеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ала асканерҵхра иабзоуаны аидарамҩангага аидараҭыԥ аҩныҵҟа афанера иалху ачартгани уи иахаршәыз аши рыбжьара напыла иҟаҵаз имаӡоу аҵәахырҭаҭыԥ иҭаҵәахыз аконтрабанда рыԥшааит.  Ари инапылаҟаҵамҭаз аконструциа аимыхра ашьҭахь  аҳазалхыҩцәа ирбеит 13,5 нызықь ҭра урыстәылатәи акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын. Ишьақәыргылоу ари апартиа ахәԥса  2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҭаҭын аалыҵи уи зламҩаныргоз амашьынеи аконфискациа азуп. Ашьаусеилыргара хацыркуп.


Read 191 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 18:17