Print this page
01.Хәажәкыр.2024

Диана Ԥлиаԥҳа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩыс далхуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  1, 2024 шықәса рзы уажәраанӡа аӡбарҭа ахантәаҩыс иҟаз Лиудмила Хоџьашвили, ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Диана Ԥлиаԥҳа,  аӡбаҩ-амаӡаныҟәгаҩ Нури Ҭаниа рнапынҵақәа рыҿҳәара нҵәеит.

«Аӡбаратә мчра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ  113, Аконституциатә закәан Арегламент I ахы ахәҭаҷ  1 инақәыршәаны изаамҭанытәиу алхрақәа мҩаԥган. 

Хәажәкырамза 1, 2024 шықәсазы имҩаԥгаз Аԥсны Аконтитуциатә ӡбарҭа иарку аилатәара аҿы маӡалатәи абжьыҭирала, хы-шықәса аусуразы аҽҳәара рыҭаны иалырхит:

- Аконтитуциатә ӡбарҭа ахантәаҩыс - Диана Едуард-иԥҳа Ԥлиа;

- Аконтитуциатә ӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс Раули Константин-иԥа Ԥантиа;

- Аконтитуциатә ӡбарҭа аӡбаҩ-амаӡаныҟәгаҩыс - Лиудмила Платон-иԥҳа Хоџьашвили.     

 

 


Read 239 times - Ашәахьа, 04 Хәажәкыр 2024 17:14