Print this page
05.Хәажәкыр.2024

Ҩымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 419 млн. мааҭ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ҳазҭоу 2024-тәи ашықәс ажьырныҳәамзеи жәабанмзеи рыла инанагӡаз аусура аихшьаалақәа рыла, атәыла абиуџьет иалагалахеит 419 млн. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа. Азԥхьагәаҭаратә рбага  313 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 34% рыла иацҵаны инагӡоуп.   

Ҳазҭоу ашықәс азы ахыԥхьаӡаларақәа рзеиԥш еицҵалыҵ иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбагақәа 48 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.

 


Read 268 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 15:03