Иарбоу арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны Арбџьармчқәа архәҭақәеи аҟәшақәеи аҟәшеиҵақәеи, ареспублика амчратә структурақәа иҷыдоу аҟәшеиҵақәа, иара убас арезервтә хәҭақәа рыруаа.
«Арратә зыҟаҵарақәа раан арратә зыҟаҵара иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи аҿы хра злоу адинамика шыҟоу азгәаҭатәуп», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.