Print this page
15.Хәажәкыр.2024

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара азы 222 цәашьы адыркит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәеи В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аусзуҩцәеи иҭахаз ранацәеи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи, ахәылбыҽха хәажәкырамза  15 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992—1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа-афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Акциа иалахәыз 1993 шықәсазы имҩаԥгаз Марттәи ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара иаҟараны 222 цәашьы адыркит, анаҩс иҭахаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.


Read 136 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 14:20