Print this page
15.Хәажәкыр.2024

Лаша Ашәба Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша «Ливан ачерқьес ассоциациа» ахантәаҩы Риад Цыба напхгара ззиуаз Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын Апарламент адепутатцәа Рашида Аиба, Винори Бебиа, Нарсоу Салаҟаиа, Баҭал Џьопуа, Инар Гыцба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.

Аиԥылара аартуа, Ашәба Лаша иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа!  Шәбара ҳаигәырӷьоит ара шәыԥсадгьыл аҟны. Ҳара иаадыруеит Ливан Аԥсны иалҵыз ҳашьцәа маҷҩымкәа ишықәынхо, иара убас иаҳдыруеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Ливан еиуеиԥшым аусхкқәа рнапы шрылаку. Ибзианы иаҳдыруеит шәара – ҳџьынџьуаа ҳаҭырла ишышәзыҟоу, аԥсуа жәлар рмилаҭтә ҵасқәа реиқәырхарагьы шшәылшо шәахьыҟоу аҭыԥ аҟны.

Ливантәи аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа аԥсшәеибыҳәараан иаҵшьны ирҳәеит есқьынгьы рашьцәа аԥсуаа рыдгылара ишазхиоу.   

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ливан иҟоу аԥсуа диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟатәи рырҿиаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит, ҷыдала, еиуеиԥшым асоциал-економикатә хырхарҭақәеи агуманитартә усхки рыҟны.

 


Read 65 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 15:47