Print this page
17.Хәажәкыр.2024

Аԥсны имҩаԥысуаз Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа хыркәшоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпрес.  Асааҭ 20:00 рзы Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны аус зуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 30 аркхеит. Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.

Алхратә комиссиа алахәылацәа еилагарак ыҟан ҳәа азгәаҭам рҳәеит.

Алхрақәа активла имҩаԥысит, абжьыҭиразы иааиуаз атәылауаа рхыԥхьаӡара рацәан. «Абжьыҭира ҳәа иааиуаз ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Алхрақәа ҭышәынтәаланы имҩаԥысуан.  Ахәылбыҽха асааҭ 20:00 аҟалара минуҭқәак шагызгьы ауаа шааиц ааира иаҿын», -ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ  №8000  алхратә комиссиа ахантәаҩы Максим Литвинов.    


Read 142 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 10:28