Print this page
19.Хәажәкыр.2024

Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы 240 апальма шьапы еиҭарҳараны иҟоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра ақалақь Абазгаа рымҩала ариаҵәаратә усурақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «вашингтониа» ҳәа изышьҭоу  апальмақәа рыхкы аиҭара иаҿуп.

«Актәи аетап аҿы еиҭаҳан 180 пальма шьапы. Иазԥхьагәаҭоуп 240 пальма шьапы аиҭаҳара. Аҵиаақәа раахәара Гагра араон Ахадара ахарџь ала имҩаԥгоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион архитектор хада Диана Лобода. 

Уи лажәақәа рыла, иахьатәи амш иалагӡаны еиҭаҳан 15 пальма шьапы.

«Мышкала ҳара еиҭаҳҳалоит  20-30 рҟынӡа апальма шьапқәа», –  ҳәа илҳәеит Диана Лобода.

Вашингтониа – асубтропикақәа рҿы изызҳауа апальма хкқәа роуп. Арҭ апальмақәа Еиду Америкатәи Аштатқәа алада-мраҭашәаратәи агани Мексикеи рҿы ауп аиҳарак иахьызҳауа. Урҭ роура абжьааԥны 30 метр рҟынӡа инаӡоит, аԥшандага сахьа змоу арҭ аҵиаақәа рбыӷьқәа рдиаметр  1,5 м. рҟынӡа инаӡоит.


Read 142 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 23:33