Print this page
19.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниеи Антон Ваинои Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазараан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп.

Иахьа аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылаҟа иусуратә визит хацыркын.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниа далацәажәоит ареспублика аԥсҭазаара, иара убас еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Имҩаԥысит аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәыла Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Антон Ваинои реиԥылара. Ари аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа.

 


Read 159 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 23:32