Print this page
19.Хәажәкыр.2024

Актәи Бедиа ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны зыҩны блыз аҭаацәа аҩн ҿыц рыздыргылоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 18 рзы Ҭҟәарчал араион Актәи Бедиа ақыҭан иблыз ҩ-еихагылакны иҟаз ахатәыҩны аиҭашьақәыргылара ауӡом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит  Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр  Агрба.

«Ҳара иацы ахәылбыҽха аҩны гәаҳҭеит, уи аиҭашьақәыргылара ауӡом. Уажәы аспециалистцәа апроект-харџьынҵатә документациа еиқәдыршәоит. Ааха зауз аҭаацәа аҩн ҿыц рыздыргылахоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.     


Read 77 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 22:23