Print this page
19.Хәажәкыр.2024

Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциеи аекологиатә прокуратуреи русзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәаза аҟынтәи аӡиа Скурча аҟынӡа амшын аӡымҽхак иахьаҵанакуаз агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциеи аекологиатә прокуратуреи русзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәаза аҟынтәи Очамчыра араион аӡиа Скурча аҟынӡа амшын аӡымҽхак иахьаҵанакуаз раԥхьаӡа акәны агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит. 

Аекологцәа ражәақәа рыла, абжьааԥны, уимоу лассы-лассы Аԥсны амшынтә фауна иҭоу  аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рҭахара аԥсыӡкыгатә акаҭақәа рыргылара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара иахҟьоит.

Аамҭак ала Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аинспекциа аусзуҩцәа шәагаала имаҷу аӷбақәа зтәу  урҭ зықәтәоу аӷбақәа атехникатә нормақәа  иахьынӡарықәшәоуи азин зырҵабырго ашәҟәқәа рыҟазаареи рзы игәарҭон. 

 

 


Read 93 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 22:41