Print this page
19.Хәажәкыр.2024

Аспециалистцәа Аԥсны, Ҟәбина, Севастополь хыԥхьаӡара рацәала абаҟәақәа рыԥсра амзысқәа ируакӡам авирустә чымазарақәа ҳәа алкаа ҟарҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алабоатортә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла аспециалистцәа Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә, Севастополь аӡы иху аԥсаатә – абаҟәақәа хыԥхьаӡара рацәала рыԥсра аԥстәқәа рыгрипп авирус, мамзаргьы Ниукасла ҳәа изышьҭоу ачымазара иахымҟьаӡеит ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит.    Абри азы ТАСС ахь адырра ҟарҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аветеринариа адепартамент аҿы.

«Аҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбарҭа «Крапоткинтәи атәылаҿацәтә ветеринартә  лабораториа» аҿы имҩаԥгаз алаборатортә ҭҵаарақәа инарықәыршәаны,  аԥсаатәқәа рыгрипп авирус, мамзаргьы Ниукасла ҳәа изышьҭоу ачымазара ахацыркыга аарԥшӡамызт», ҳәа адырра ҟарҵет адепартамент аҿы.

Жәабранмзазы ишьақәыргылан Аԥсны, иара убас Анапа, Гененџьык, Севастопольтәи ашыцәа  иахьаҵанакуа хыԥхьаӡаа рацәала амшынӡы иху аԥсаатә – абаҟәақәа рыԥсра.  


Read 67 times - Ахаша, 20 Хәажәкыр 2024 23:32