Print this page
20.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжаниеи Рашид Нургалиеви ашәарҭадареи аекономикеи русхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура арӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи  Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аслан Бжаниеи Рашид Нургалиеви ашәарҭадареи аекономикеи русхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура арӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Убри аан иалкаау апроектқәа рецынагӡара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан. 


Read 123 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 00:46