Print this page
26.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы иаартыз Адышшыларақәа рышәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, хәажәкырамза 26 рзы, Урыстәылаҟа аусуратә визит анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы иаартыз Адышшыларақәа рышәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит. 

 

Адышшыларақәа рышәҟәы аартын аҩаша, Аминистрра ахыбра аҿы. Уи адышшыларақәа анырҵоит аҳәынҭқаррақәа рхадацәа, Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцәтәи адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа.


Read 123 times - Аҩаша, 26 Хәажәкыр 2024 14:32