Print this page
26.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 28-29 рзы аԥсуа естрада ашәақәа рынагӡаҩцәа рконкурс «Аҿар рыбжьы – 2024» мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр аԥсуа естрада ашәақәа рынагӡаҩцәа рконкурс «Аҿар рыбжьы – 2024» мҩаԥнагоит.

Аконкурс  абарҭ ахықәкқәа нанагӡоит:

- аԥсуа естрадатә ашәа аҿиара ацхыраара аҭара;  

- аҟыбаҩ злоу аҿар ралкаара, урҭ анаҩс рӡыргараҿы ацхыраара рыҭара азы;

- аԥснытәии адунеизегьтәии амузыка иреиӷьу аихьӡарақәа рышьаҭала иҿыцу абиԥара ааӡара;  

-аҳәынҭқарреи акультура аусбарҭақәеи арҿиаратә ҿар рыпроблемақәеи ҳаамҭазтәи аетап аҿы аԥсуа естрада иамоу ауадаҩрақәеи разхьарԥшра.

Аконкурс мҩаԥгахоит хәажәкырамза 28 – 29 рзы, Аҟәа ақалақь, Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.

Аконкурсантцәа рҟазара ахәшьара арҭалоит аӡбаҩцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟалоит еицырдыруа апоетцәа, зыхьӡ нагоу  акомпозиторцәеи ззанааҭдырра аҩаӡара ҳараку авокал азы аспециалистцәеи.

 Аконкурс мҩаԥыслоит ақәратә гәыԥқәа ԥшьба рҿы: 5 - 8 шықәса;  9 -10 шықәса; 11 -13 шықәса;  14 – 19 шықәса.

Аконкурс алахәылацәа аӡбаҩцәа рҿаԥхьа инарыгӡоит номерк аԥсышәала.

Аконкурс алауреатцәа ахьықәгыло агала-концерт Аԥснытәи  Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы, хәажәкырамза 29, асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахоит.  


Read 110 times - Аҩаша, 26 Хәажәкыр 2024 14:52