Print this page
26.Хәажәкыр.2024

Акультура Аминистрра аҿы актриса Виолетта Маан илыдныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан 85-шықәсатәи лиубилеи лыдылныҳәалеит. Динара Смыр артистка ашықәснҵыра дууи арҿиаратә усура қәҿиарала ацҵареи лзеиӷьалшьеит.

«Аԥсны акультура Аминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиублеи. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә қәҿиарақәа. Шәара шәырҿиаратә усура Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит. Шәара шықәсырацәа инеиԥынкыланы ахәаԥшцәа зеиӷьаҟам шәырҿиара ала ишәыргәырӷьоит», –  ҳәа илҳәеит Динара Смыр.

Лыхәҭаахьала, Виолетта Маан аминистр иҟалҵаз адныҳәалареи иаалырԥшыз агәцаракреи рзы иҭабуп лҳәеит.

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр анапхгаҩы Хада Алхас Ҷолокәуа убасҵәҟьа адныҳәалара ҟаиҵеит. Иара Виолетта Маан атәыла акультуратә ԥсҭазаара аҿы хәызмаӡам ллагала шыҟоу, уи ахаангьы еиҵагыло абиԥарақәа рзы дҿырԥшны дшыҟало    инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Хәажәкырамза 29 рзы, артистка лиубилеи инамаданы, ахәаԥшцәа идырбахоит Дырмит Гәлиа иҩымҭа ала иқәыргылоу, Виолетта Маан дызлаху аспектакль «Иареи лареи».


Read 93 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 10:21