Print this page
27.Хәажәкыр.2024

Аӡҩыбжьа ақыҭан ахатәы ҩны блит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан ҩ-еихагылак змаз ахатәы ҩны блит. Амцакра азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь иҟалеит   ашьыжь, 05 сааҭи  04 минуҭи рзы.   Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеиз аамҭазы ахыбра зегьы амца амҽханакхьан.

Иҟоу заанаҵтәи аверсиа ала, амца аларҵәара алагеит аҩны аҳаԥала аҟынтәи.  Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны шьаҭанкыла иблит. Абылра иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.


Read 123 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 15:46