Print this page
27.Хәажәкыр.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа амаининг-фермақәа хԥа рыԥшааит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи рыцны,  Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан атәылауаҩ Бганба Спартак Расим-иԥа инхарҭаҭыԥ иаҵанакуа абаҳча аҿы ирыԥшааит иагьимырхит 28 маининг-аппаратқәа.

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Шармаҭ Асҭамыр Алхас-иԥа итәу, аус зуа амаининг-ферма рыԥшааит Очамчыра араион Мықә ақыҭан.  Акриптовалиута арҳара иазку 15 аппарат аҿыхны аканфискациа азун.  

Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥгаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны ирыԥшааит иагьрымырхит Кәакәасқьыр Ельдар Емзар-иԥа ихатәыҩны ишьақәыргылаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа жәаба.  

Аиқәыршәагақәа зегьы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.  

 


Read 157 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 15:57