Print this page
06.Мшаҧы.2024

Абылра аҿы ааха зауз ҩыџьа ахәыҷқәа Шәача ақалақь, Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр ахь инаргеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа Шәача ақалақь, Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр ахь инаргеит.  Ахәыҷқәа ӷәӷәала аблырхәрақәа роуит.  

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Шәача ақалақь ахада Алеқсеи Копаигородскии ҭелла  еиҿцәажәаны ахәыҷқәа урыстәылатәи ахәышәтәырҭахь рыиагара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Апациентцәа рҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи ааха зауз рыхәшәтәра аганахьала ацхыраара аҟаҵаразы анапынҵақәа риҭеит.  

Абылраан ааха зауз ахәыҷқәа ран, зцәазтәым аԥҳәыс  лҭагылазаашьа иҭышәынтәалоу ихьанҭоу ҳәа ишьақәыргылоуп.  

 

 


Read 169 times - Асабша, 06 Мшаҧы 2024 11:33