«Асимволтә ҵакы амоуп, уи ааигәара аурыс жәлари абашкир жәлари рыиашьаратә еиҩызара иазку амонумент ахьгылоу. Уи Башкириа хатәгәаԥхарала Урыстәылатәи аҳәынҭқарра алалара ҟалеижьҭеи 400-шықәса ахыҵра инамаданы иргылан. Акырӡа аҵанакуеит аиҩызареи аимабзиареи аидгылареи аарԥшуа анхара. Убасҵәҟьа ауп ҳашьцәа-аԥсуа рыцынхареи аус рыцуреи ҳгәы ишҭоу. Аколоннада аҭоурых ду змоу еицамкуа ҳаиҩызара иасимволны иҟалоит. Иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы, Поволжие амлакра ӷәӷәа аныҟаз аамҭазы, Аԥсны ҳара фатәи-жәтәи рыла иҳацхраауан, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан ахәрақәа зауз ҳаибашьцәа Аԥсны арратә хәышәтәырҭақәа рҿы рҽырхәышәтәуан. 90-тәи ашықәсқәа раан, уажәшьҭа ҳара, абашкирцәа ауадаҩра иақәшәаз аԥсуаа иҳалшоз ала ҳрыдгылеит, агуманитартә цхыраара раҳҭон. Уахьгьы-арахьгьы ҳазхыҽхәаша ҳамоуп, ҳгәы зладуу рацәоуп. Ҳара ҳзы насыԥ дууп Ареспублика Амш азы шәахьаҳҭааз. Аколоннада ааҳартуеит шықәсык иахымгакәа, жьҭааамза 11 иақәыршәаны», – ҳәа актәи ахаҳә ашьҭаҵара ацеремониа аҿы дықәгыло инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика Ахада Ради Хабиров.