Print this page
07.Мшаҧы.2024

Шәача ақалақь аҿы инхоз аԥҳәыс Гагра ақалақь аҿы анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьаны дҭахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс Гагра ақалақь аҿы анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьаны дҭахеит.

«40-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс анаԥшратә плошьадка далҟьеит. Акаҳараан уи ӷәӷәала ахәрақәа лоуит. Ҳара ҳаиқәырхаҩцәа уи ахәышәтәырҭахь днаргеит, аха лара деиқәымхаӡеит», - ҳәа иҟалаз амашәыр азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаҵо иҳәеит Гагра араион аҿы Аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад аиҳабы Давид Бганба.

Иҭахаз аԥҳәыс Шәача ақалақь аҿы инхоз, 1984 шықәсазы ииз  Инесса Поленко лоуп.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла, аԥҳәыс 50-метр рҟынӡа инаӡо аҳаракыра аҟынтәи дкаҳаит. Иҟалаз ахҭыс азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә хәҭа ахь иҟалеит асааҭ 12:13 рзы.

 

 


Read 64 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 14:01