Print this page
09.Мшаҧы.2024

Мадина Аҩӡԥҳа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мадина Аҩӡԥҳа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп.

«Амилаҭ аҳаҭыр ашьҭыхраҿ ллагалеи, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара арӷәӷәареи, акыршықәса ламысцқьалатәи лусуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара ланашьазааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-нашьҭымҭа Аҩӡԥҳа Мадина Владимир-иԥҳа», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа мшаԥымза 9, 2024 шықәса рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа атекст аҿы. 

 

 

 


Read 112 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 20:39