1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Екатерина Бебиа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә корреспондентс дыҟан. Аибашьра афырхацәа ирызкны иҭылхыз адырраҭарақәеи ареспублика ахьчаҩцәа ирызку адыррақәа реизгара азы иналыгӡаз аусуреи рзы, Екатерина Бебиа аконкурс «Аибашьра ашықәсҩыра» аҿы аиааира лгеит. Лара «1992–1993 шш. аибашьраан иаарԥшыз афырхаҵареи апрофессионализи рзы» Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа алауреатс дҟалеит, «Агәымшәаразы» амедал, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ланашьоуп. Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра архив аҿы иҟоуп 800 инарзынаԥшуа уи лдырраҭарақәа рынҵамҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп жәабала адокументалтә фильмқәа. Екатерина Бебиа – 50 инареиҳаны апублицистикатәи анаукатәи ашәҟәқәа дравторуп.
Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу акультуратә еимадара - 200 шықәса иреиҳаны иахыҵуеит. Урҭ аҩ-тәылак рҭоурыхи ркультуреи аҩганктәи аҳаҭырқәҵарала ишьаҭаркуп.
Аиԥылара мҩаԥгахоит Урыстәылатәи Амилаҭтә Библиотека Амилаҭтә литературақәа Рыҟәша аԥхьарҭа зал аҿы.