Print this page
10.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы 75 цыра амаининг-аппаратқәа рконфискациа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа инарыгӡаз аусмҩаԥгатәқәа раан Аԥсны атәылауаҩ  Габуниа В.Иу. ихатәы ҩны алыӷәра аҿы ирыԥшааит  75 аппарат рыла ишьақәгылаз аус зуаз амаининг-ферма.

Зыхәԥса 2 млн. 345 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо амаругақәа рконфискациа мҩаԥган.  Иарбоу административвтә зинеилагара афакт ала иназыцҵоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

 


Read 79 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 10:57