Ураза-баирам аԥсылман абиԥарақәа еимаздо, агәыҳалалра символра азызуа, иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рахь ухьазырԥшуа ныҳәоуп.
Ишаԥу еиԥш, арҭ амшқәа рзы аурычра иацу адоуҳатә еихшьала аҟаҵара мҩаԥысуеит. Ахааназы зҵакы мыӡуа адоуҳатә ҵасқәа ауаа еизааигәанатәуеит, ауаажәлар рҳәоуеиқәшәара арӷәӷәара иацхраауеит.
Аԥсны – адинеибачҳара шьақәгыланы иахьыҟоу тәылоуп. Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ирзыҟан. Араҟа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа еицынхон еиуеиԥшым аконфессиақәеи амилаҭқәеи рхаҭарнакцәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсылманцәа ҳтәыла аконфессиабжьаратә еимадара азҩыдатәра аус аҟны рлагала маҷӡам.
Сара агәра згоит аԥхьаҟагьы ҳауаажәлар реиҩызареи реилибакаареи арӷәӷәара шәшацхраало.
Абри аныҳәа амш аҽны Аԥсны иқәынхо, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟны инхо ҳџьынџьуаа аԥсылманцәа гәык-ԥсык ала ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы агәыӷра.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, имҩаԥыжәго анцәаиҳәара Ҳазшаз Анцәа иҟынӡа инаӡааит, Аԥсни аԥсуа жәлари иахьыҟазаалак Зегьы Зымчу илԥха-игәыԥха рыцзааит».