Print this page
10.Мшаҧы.2024

Енвер Нанба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Енвер Нанба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.

Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Иҷыдоу алкааратә дырга – Аԥсны Афырхаҵа ҳәа амедал аветеран ианеишьеит атәылахьчара аминистр  Владимир Ануа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура. 

 

 


Read 134 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 11:16