Print this page
17.Мшаҧы.2024

2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа акоммерциатә банкқәа рҿы аԥарашьҭаҵарақәа рыла идырҳаит 330,7 млн. мааҭ.

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса рзы Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы аԥарашьҭаҵақәеи адепозитқәеи рзеиԥш хышәа-ҵышәа 4,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбага аасҭа  1,3 млрд. мааҭ, мамзаргьы 45,4% рыла еиҳауп.  Убри аан хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи аԥарашьҭаҵақәа реицҵалыҵ ажьырныҳәамза  1, 2024 шықәсазы  3,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи иҳаҩсыз ашықәс азы арбага аасҭа  28,1% рыла еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.

2023 шықәсазы хазхаҭалатәи ахаҿқәа акоммерциатә банкқәа рҿы иҟарҵаз аԥарашьҭаҵақәа рҟынтәи ироуз ахашәалахәы  аицҵалаҵ 330,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон,  уи 2022 шықәсазтәи арбага аасҭа 18,6 млн. мааҭ рыла еиҳауп.

2023 шықәсазы ирыҭаз акредитқәа рхышәа-ҵышәеи акредитқәа рхархәара аҽҳәарақәеи реишьашәаларала ишьақәыргылоу аԥарашьҭаҵақәа рзы аназын азыԥҵәа 9,7 % рҟынӡа инаӡеит.


Read 59 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:17