Print this page
17.Мшаҧы.2024

Аҳҭнықалақьтәи аԥсеиқәырхаҩцәа абылрацәыхьчаратә спорт азы аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Абылра-цәыхьчаратә спорт-2024 азы ареспублика иачемпионхеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҿы аԥшаара-еиқәырхаратә отриад акоманда.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа зегьы рхаҭарнакра зуаз акомандақәа  икнарҳауа амардуан ала ахалара, амцарцәаразы ауснагӡатәқәа рынагӡара азыхиара, иара убас амцарцәараан ицәырҵыр зылшо аԥынгылақәа рахысра аҿы еицлабуан.

Аицлабрақәа хаҭалатәи еиԥш, акомандатә формат алагьы имҩаԥысуан. Арҭ аетапқәа реихшьаалақәа рыла ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Очамчыра араион аҿы аԥшаара-еиқәырхаратә хәҭа акоманда, аҩбатәи аҭыԥ аанныркылеит Гәылрыԥш араион абылрацәыхьчаратә хәҭа акоманда. 


Read 80 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:17