Print this page
22.Мшаҧы.2024

Аслан Бжаниа Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа Урыстәылатәи АФедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит ареспублика атәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы.

«Агәабзиарахьчара аҿиараҟны илагаламҭазы, ауааԥсыра ргәабзиара ахьчараҟны илшамҭақәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы», -  аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа.

Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианеишьеит Ахада Иадминистрациаҟны аиԥылараан, Аҟәа, Агәабзиарахьчара ахада Аҩбатәи Аԥснытәи Амедицинатә форум аҽалархәразы дахьааз. 


Read 126 times - Ашәахьа, 22 Мшаҧы 2024 17:32