Print this page
23.Мшаҧы.2024

Алеқсандр Анқәаб ажурнал «Международная политика» аредактор Хада Сергеи Маркедонов дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҭҵааҩ ҿарацәа адгылара рыҭара иазку Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институт  (Ауниверситет) (МГИМО) апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭыгӡаны Аԥсны иҟоу ажурнал «Международная политика» аредактор Хада, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институти  (Ауниверситет) жәларбжьаратәи аусқәа рзы   Урыстәылатәи Ахеилаки жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа рексперт Сергеи Маркедонови Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институти  (Ауниверситет) аспирантцәеи идикылеит.

Асасцәа Аԥсны Анапхгара Аԥсны  аекономикатә перспективақәеи асоциалтә ҿиара, аинвестициатә  усура азы иааннакыло апозициеи, иара убас Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа ишьақәгыланы иҟоу арегионалтә политикатә ҭагылазаашьа азы азҿлымҳара аадырԥшит.   


Read 95 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 14:00