Print this page
26.Мшаҧы.2024

Краснодартәи аипподром аҿы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала аҽырыҩра мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2024 шықәса.  Аԥсныпресс. Мшаԥымза 27 рзы  Краснодартәи аипподром аҿы иаатуеит 2024 шықәсазтәи аҽырыҩратә сезон. Уи аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала аҽырыҩра мҩаԥгахоит.

Аҽырыҩратә сезон аартра аԥхьахә агаразы хы-шықәса зхыҵхьоу арабтәи аҽыҩқәа рыбжьара 1800 метра аҩра иалахәхоит Аԥсны аҿари аспорту русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы   иатәу Колхида Терск ҳәа ахьӡҷыда змоу  аҽыҩ, иара убас Осман Абан ҳәа ахьӡҷыда змоу  аԥснытәи аҽаҽааӡаҩ Беслан Абхазаа иҽыҩ.

1992-1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара ахьӡала аԥхьахә агара азы 1800 метра аҩра иалахәхоит Ахра Ашәба иҽыҩ  Џьалил Гранд .

Алеқсандр Белозиоров иаԥхьахә агаразы 1600 метра аҩра иалахәхоит Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ Аԥсны Маестро.

Аҽырыҩрақәа ирылахәхоит ашьацқьа злоу, англыз, арабтәии ахалтекинтәии ажәла иаҵанакуа, хы-шықәса зхыҵуеи еиҳабууи аҽыҩқәа.


Read 221 times - Ахәаша, 26 Мшаҧы 2024 18:07