Print this page
08.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амшныҳәа лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амшныҳәа лыдиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Уи аветеран длыдныҳәало Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира ду иаҵоу аҭоурыхтә ҵакы азгәеиҭеит.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Шәара, ҳаҭыр ду зқәу Елена Тимофеи-иԥҳа иуадаҩыз аамҭазы иаашәырԥшыз афырхаҵареи ахацәнымырхареи агәаӷьреи рзы», - ҳәа аветеран агәабзиареи ашықәснҵыра дууи лзеиӷьашьо иҳәеит Бадра Гәынба. 

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ аветеран ашәҭқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи аԥареи ланеишьеит. Прочитано 166 раз. Последнее изменение 08.05.2024.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/11219-vitse-prezident-badra-gunba-pozdravil-veterana-vojny-elenu-vodzinskuyu-s-dnem-pobedy.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 313 times - Аԥшьаша, 09 Лаҵара 2024 12:06