Print this page
12.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Крыстәыла Амш идиныҳәалеит.

 

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы ахәҭакахьала иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Владимр Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа хада  - Урыстәыла Амш!

Урыстәыла - зқьышықәсалатәи аҭоурых змоу хыԥхьаӡара рацәала ажәларқәа, акультурақәа, адинхаҵарақәа еидызкыло тәыла дуӡӡоуп. Абри аныҳәамш аҽны атәыла аҿацәқәа зегьы рыҟны ибеиоу аҭынха абеиарақәа азгәарҭоит.  Урыстәыла дарбан тәылауаҩзаалак иуалны идуп - Аԥсадгьыл амчра аиқәырхареи аихаҳареи, хәы змаӡам аҵасқәа рыхьчара.

Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реидгылара. Агәра згоит  аԥхьаҟагьы  аҿиара шроуа наҟ-ааҟ феида змоу аусеицуратә ҟазшьала имҩаԥысуа арҭ аизыҟазаашьақәа.

Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит ахирра, аҭынчра, аиааира ҿыцқәа Урыстәыла ажәлар реизҳазыӷьаразы шәусураҿы».

 

 


Read 431 times - Ахаша, 12 Рашәара 2024 15:13