Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, Аҟәа ақалақь амилициа актәи аҟәша ахь амаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы инашьҭыз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба жәабранмза 3, 2024 шықәса рзы, 14 сааҭи 00 минуҭи 17 сааҭи 30 минуҭи рыбжьара, иусуратә ҭыԥ аҿы дшыҟаз, имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны, амаҵура аинтересқәа реилагарала, гәҭакыла, ихымҩаԥгашьа иаҵоу ауаажәларратә шәарҭареи азинеилагареи шеиликаауазгьы, иаанкылаз атәылауаҩ Сабекьиа Асҭамыр Џьон-иԥа амч ахархәарала дизныҟәеит. Кьиахьба Манча иаанкылаз ауаҩы инапқәеи ижҩахырқәеи рганахьала 11-нтә ҭаҷкәымла дисит, иара убри ала уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақа русзуҩцәеи ӷәӷәала рыхьӡ лазырҟәуа ала ихы мҩаԥигеит. Аԥсны апроукратура Хада аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Асҭамыр Сабекьиа уаанӡа амчра ахаҭарнакцәа – Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа актәи аҟәша аусзуҩцәа рганахьала жьҭаарамза 23, 2023 шықәса рзы аҭыԥ змаз амч ахархәара афакт азы дыгәҩараны, иԥшаареи иаанкылареи рзы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан.