Print this page
09.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа Давид Гәлиа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа Давид Гәлиа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Гәлиа Д. А. иџьбароу арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы кны амҩаҿы аныҟәара  аԥҟарақәа реилагара иахьҟаны ҩыџьа  инареиҳаны  ауаа рыԥсра азы ахара идҵоуп.

Амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу ахҭыс ҟалеит Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан ԥхынгәымза 7, асааҭ 21:45 рзы.

Д. А. Гәлиа  ижәны автомашьына «Ниссан Тиана» аԥсҟы кны аԥысраан иԥгалоу ацәаҳәа ахь дыиасны иааиуаз атранспорт даахеит. Иҟалаз авариа аҿы иҭахеит хҩык ауаа, аӡәы еиуеиԥшым ахәрақәа иманы ахәышәтәырҭахь днаргеит. Д.А.Гәлиа ахьчацәа ицны Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу арратә хәышәтәырҭа Хада ахь днаргеит.

Ашьаустә закәанԥҵара инақәыршәаны, иарбоу ацәгьоура азы иазԥхьагәаҭоуп хы-шықәса рҟынӡа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга амхреи 10 – 12 шықәса ҭакрала ахгареи. 


Read 213 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:05