Print this page
15.Ԥхынгәы.2024

Иаанкылоуп Гагра ақалақь аҿы аӷьычра ҟазҵаз ҩыџьа ауаа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы апарк-отель «Амра» аҵакыраҿы иҟоу аресторан «Пирс» аҟынтәи аӷьычра ҟазҵаз аадырԥшит.  

Зхаҭара шьақәыргыламыз џьоукы иаҿаз апластик иалху ашә ҿыхны аресторан «Пирс» азал аҿы инеины, уаҟа игылаз акассатә аппарат аиашьықь иҭаз 300 000 мааҭ ҭыганы иргеит.  

«Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рыла иаанкыланы аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь инагоуп  1995 шықәсазы ииз, Бзыԥта ақыҭан инхо Гамгиа Дмитри Виачеслав-иԥеи 1987 шықәсазы ииз,Пицунда ақалақь аҿы инхо Ҷедиа Вахтанг Иури-иԥеи», -  ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Иаанкылоу атәылауаа рганахьала ашьаусеилыргара хацыркуп. Дмитри Гамгиеи Вахтанг Ҷедиеи ырбаандаҩуп.


Read 219 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:56