Ԥшьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз иахҟьаны, шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит. Урҭ рмашьынақәа ахараԥсатә ргыларҭа ахь инагоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, ԥхынгәымза 18 – 19 рзы имҩаԥысуан азин еилазго раарԥшра иазырхаз ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Имҩаԥгаз аусҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара иазкны еиқәыршәахеит ҩынҩажәа инарзынаԥшуа аԥкаанҵақәа.
Ԥшьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз иахҟьаны, шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит. Урҭ рмашьынақәа ахараԥсатә ргыларҭа ахь инагоуп.