Ахәҭаҷ 6 инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәара Аԥсны асуверенитет, ашәарҭадара ԥырхага рнаҭом, аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырра-техникатә, аекономикатә, аекологиатә интересқәа ԥырхага рнаҭом.
Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә аҳәынҭдача «Пицунда» иазку Аиқәшаҳаҭра азы анота аиуит.
Адокумент аҿы иарбоуп:
Урыстәыла иазыԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аобиект, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц.
Ахәҭаҷ 6 инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәара Аԥсны асуверенитет, ашәарҭадара ԥырхага рнаҭом, аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырра-техникатә, аекономикатә, аекологиатә интересқәа ԥырхага рнаҭом.