Print this page
14.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АТРАНСПОРТТӘ ПРОКУРАТУРА САРА АХВЕЛИДИАНИ ЛҬАХАРА ИНАМАДАНЫ АГӘАҬАРА ХАЦНАРКИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атранспорттә  Прокуратура жәеиза шықәса зхыҵуаз Сара Ахвелидиани  лҭахара афакт инамаданы агәаҭара хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура Хада асаит.

Цәыббрамза 13, асааҭ 22:30 рзы аӡӷаб иаауаз адәыӷба «Аҟәа-Санкт-Петербург» даҵаҳаит. Уи иара уааҵәҟьа лыԥсҭазаара далҵит. Ари амашәыртә хҭыс ҟалеит «Гагра – Бзыԥ» акацар ахҵара №5, 27-тәи акилометр аҿы.

Аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа рыла иназыцҵоу аинформациа ҟалоит.


Read 601 times - Ахаша, 14 Цәыббра 2022 22:53