Print this page
08.Нанҳәа.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.

Aдышшыларатә шәҟәы атекст аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«2008 шықәса нанҳәа 8 ахааназгьы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых адаҟьаҿы игәыҭшьаагоу рыцхәны иаанхоит.

Фырхаҵара згым, аӡәк иеиԥш зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар Урыстәылатәи аруаа рываргыланы аибашьра ҭазҵаз ақырҭуа агрессор ииааира рылшеит.

Абри игәыхьу амш аҽны Аԥсны иқәынхо ажәлар иргәаладыршәоит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аибашьцәеи аӷа иагрессиа иахәхаз Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынч уааԥсыреи».

  


Read 220 times - Аԥшьаша, 08 Нанҳәа 2024 18:30