Print this page
09.Нанҳәа.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны иҟалаз ахҭысқәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны иҟалаз ахҭысқәа.

Украина арбџьар мчқәа Курсктәи аобласт аҳәаа иахьаԥну иҟарҵаз ақәылара инадҳәаланы Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭра ду аҳҭоит. Игәыхьуп иҭахази ахәрақәа заузи ахьыҟоу.

Киевтәи арежим аҽазныкгьы, мраҭашәаратәи апартниорцәа рыбжьы аныдмырга, аграждантә обиектқәеи аҭынч уааԥсыреи ахымца рылаҵо иаанарԥшит ауаҩымдара, аламысдара, амҽыӷра.

«Аҭынч уааԥсыра ирҿагыланы атеррористтә жәылара мҩаԥызгаз украинатәи анеонацисцәа румҭақәа жәларбжьаратәи азин анормақәа реилагара адагьы ауаажәларра зегьы еицырзеиԥшу ауаҩратә беиарақәа рыӷраԥалароуп иаанаго. Агәра ганы ҳаҟоуп ари ацәгьоура хьырхәрада ишнымхо», -ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Иҭахаз рҭаацәеи ргәакьацәеи ҳрыдашшылоит, зыԥсы еиқәхаз иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит.

«Иуадаҩу абри аамҭазы Курсктәи аобласти Урыстәыла зегьи руааԥсыра ҳрывагылоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа атекст аҿы.

 

 


Read 202 times - Асабша, 10 Нанҳәа 2024 19:06