Print this page
08.Нанҳәа.2024

Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа аӡы ахархәаразы ахәԥсақәа рыԥсахра азҵаара иахәаԥшит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, нанҳәамза 8 рзы. Аилатәара аҿы ишьҭыхыз атемақәа ируакуп ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгареи рзы атарифқәа ртема.

Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит кубометрк азы 4 мааҭк рҟынтәи хә- мааҭк рҟынӡа ашьҭыхразы. Уи иажәақәа рыла, аӡы ахархәаразы ауааԥсыра имаҷны ахә ршәоит, уи аан дара ӡыла реиқәыршәаразы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.

Азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит. Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, еиуеиԥшым ахархәаҩцәа ркатегориақәа рзы аӡы кубометрк ахархәаразы есымзатәи ахәԥсақәа шьақәыргылан:

- аԥхьаӡагақәа ззықәгылоу анхацәа рзы 1 кубометрк аӡы азы — 4 - мааҭк, аԥхьаӡагақәа ззықәгылам анхацәа рзы — 1 кубометрк аӡы азы 10 -мааҭк;

- аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абиуџьеттә еиҿкаарақәеи рзы 1 кубометрк аӡы азы — 70 мааҭ;

- ааглыхратәии акоммерциатәии еиҿкаарақәа рзы 1 кубометрк аӡы азы — 100 мааҭк;

- Аԥсны хылаԥшра знамҭо анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи, аусбарҭақәеи рзы 1 кубометрк аӡы азы — 210 мааҭ.

Адгьылтә хәҭақәа аӡы рықәҭәаразы атариф ашьақәыргылара азҵаара ашьҭыхра адепутатцәа мап ацәыркит.

Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит нанҳәамза  8  рзы имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара аҿы.


Read 143 times - Амҽыша, 11 Нанҳәа 2024 01:18