Print this page
16.Цәыббра.2022

ЦӘЫББРАМЗА 16 РЗЫ 90-ТӘИ ИИРА АМШ АЗГӘЕИҬОИТ АМҴӘЫШӘМПЫЛ АЗЫ ҲАҬЫР ЗҚӘУ АԤСНЫ АСПОРТ АЗҞАЗА ГАРРИ СЕГАЛЕВИЧ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 16 рзы 90-тәи иира Амш азгәеиҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амҵәышәмпыл азы ҳаҭыр зқәу Аԥсны аспорт азҟаза, аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара акавалер Гарри Владимир-иԥа Сегалевич.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Гарри Владимир-иԥа ари акыр зҵазкуа арыцхә инамаданы идныҳәалоит, шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала иусуреи Аԥсны амҵәышәымпыл аҿиара азы илагала дууи рзы иҭабуп ҳәа иаҳәо изеиӷьаршьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аманшәалара, инапы злаку аус аҿы ақәҿиара дуқәа.

Гарри Сегалевич – XX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан Аԥснытәи АССР еицырдыруаз амҵәышәмпыласҩы иоуп. Гарри Владимир-иԥа иԥсҭазаара зегьы аспорт иадҳәалахеит. Ашкол аҿы аҵара аниҵоз инаркны уи амҵәышәмпыл ихы азцо далагахьан, уимоу ареспублика ашколхәыҷқәа еизгоу акоманда далан. Аԥснытәи АССРи Қырҭтәылатәи ССРи  рышколхәыҷқәа раԥхьахәгарақәеи рыспартакиадақәеи дрылахәын.

Аԥсны еизгоу ахацәа ркоманда аилазаараҿы иара қәҿиарала дыхәмаруан Қырҭтәыла Асоветтә Соиузтә Республика Ахраҿагарақәеи ачемпионатқәеи, жәларбжьаратәи аиҩызаратә турнирқәеи рҿы дыхәмаруан. Атурнирқәа рҿы ахәмаррақәа анхиркәша ашьҭахь, иара аӡбаҩ иаҳасабала амҵәышәмпыли анапылампыли рзы аицлабрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи активла ихы алаирхәуан. Акыр аамҭа инеиԥынкыланы иара аҳәса ркоманда азиҟаиҵон.

Уажәы Гарри Сегалевич аиҭашьақәыргыларатә бҩарҵәыра азы аметодистс аус иуеит. Уи имоу идыррақәеи хәы змаӡам иԥышәеи ирыбзоураны шәҩыла аспортсменцәеи  атәылауааи ироуз атравмақәа рышьҭахь ареабилитациа акурсқәа рхысра рылшеит.


Read 464 times - Ахәаша, 16 Цәыббра 2022 14:15